АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхеит авариа иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Аҳауатә цәаҳәа "Мықә" аусура ахьеиԥҟьаз иахҟьаны афымцалашара ыцәеит Очамчыра араион астанциа маҷқәа "Мықәи" "Кәачареи".
Авариатә гәыԥ аҭыԥ ахь идәықәлеит.