Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит Аҟәа

Аусурақәа ирылагеит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы - апарк аҿы ишьҭарҵеит ахаҳәҟьаԥс, аӡыршә еиҭашьақәдыргылеит, алашарабагақәа дыргылеит. Ари зегьы иақәхарџьын 17,8 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, абҵарамза 18 - Sputnik, Сария Кварацхелия. Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит Аҟәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҟәа ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа "Ақалақьргыларапроект" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.
“Аусурақәа зегьы мҩаԥыргон ишьақәыргылаз апроект-харџьынҵатә документациа инақәыршәаны. Аиҭашьақәыргылара аан ҳара аӡцарҭақәа бжьаҳҵеит. Афымцамҩангага ҿыцқәа шьҭаҳҵеит, Аиндоевропатәи ателеграфтә шьаҟақәа 12 еиҭашьақәҳаргылеит, иара убас ашьаҟа ҿыцқәа 58 цыра ҳаргылеит. Апарк агәаны иҟоу аӡыршә архитектура еиқәырханы ҿыц аусура иалаҳаргеит", - ҳәа инарыгӡаз аусурақәа ртәы еиҭеиҳәеит Ԥиԥиа.
Иара иажәақәа рыла, иааиуа ашықәс азы ргәы иҭоуп Дбар имҩа аганахьала еиҭа алашарбага шьаҟақәа рыргылара, ашьаҟауаа ахьныҟәо ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара. Иара убас азеиԥш шьышьмаҭра аиҭашьақәыргылара, ани ахәыҷи рзы ауада аҟаҵара, иара убас уаанӡа апарк аҿы игылаз ауаргьала хагьежь ҿыц аргылара.
Апарк аартра даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аҟәа анапхгара, аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба раԥхьа днаргылан.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы, уи иақәхарџьын 17,8 миллион мааҭ.