Ахәырма рҩаны изҭиуа Мимоза Ҳаразиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит рҭаацәара ахәырмарҩара ишалагаз атәы, уи шыҟарҵо, насгьы феидас иалоу атәы дазааҭгылеит.
15 шықәса ҵуеит Шьаҟрылаа ҭаацәаныла ахәырма арҩара иаҿуижьҭеи. Шықәсык х-тоннак рҟынӡа иандырҩо ыҟоуп. Иҟарҵо зегьы рбаҳча иҭыргоит. Уахык ала 300-400 кьыла дрыцқьоит. Арҩара иацу акәамаҵамарақәа ртәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Шьаҟрылаа рҭаацәара ахәырма шдырҩо зну афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр шәылшоит абра >> Ашәыррыԥхра: Лыхны ақыҭан ахәырмарҩа шыҟарҵо