https://sputnik-abkhazia.info/20231118/ashyrrykhra-lykhny-ayan-akhyrmara-shyaro-1049093588.html
Ашәыррыԥхра: Лыхны ақыҭан ахәырмарҩа шыҟарҵо
Ашәыррыԥхра: Лыхны ақыҭан ахәырмарҩа шыҟарҵо
Sputnik Аҧсны
Ахәырмарҩа аҟаҵара аџьабаа ду шацугьы, ахашәала бзиа змоу хырхарҭоуп ақыҭауаа рзы. 18.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-18T13:10+0300
2023-11-18T13:10+0300
2023-11-18T13:10+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/10/1049085015_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_05718811c2f7254d066741eeac69b8b3.jpg
Лыхны ақыҭан инхо Шьаҟрылаа ргәараҭараҿы акыр шықәса ҵуеит ахәырмаҵлақәа рбаҳча иҭагылоижьҭеи, аха ахәырмарҩа ҟарҵоижьҭеи 25 шықәса роуп иҵуа.Аҽаҩра бзиа ианаамҭоу Сафарбеи Шьаҟрыли, иԥшәмаԥҳәыс Мимоза Ҳаразиеи, рыхшареи ҩ-тоннак рҟынӡа ахәырма анырҭаауагьы ыҟоуп. Ахәырма рыцқьаны ианыҟоу 70% рҟынӡа акьыла иагхоит, аха ус акәзаргьы, аҭиразы еиҳа ифеидоуп.Ахәырмарҩа рыԥхрак 300-350 мааҭ иаԥсоуп. Аџьармыкьаҿы иара рацәоуп, аԥсшьаҩцәагьы азҿлымҳауп.Шьаҟрылаа рҭаацәара рыҩны аҩбатәи аихагыла абарҵа ахәырмарҩа арыԥхрақәа рыла иҭәуп, уаҟа аԥша бзианы иалышәшәоит, ақәа ақәымшәо ихшьуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/10/1049085015_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_7aa284355142e593db6b0c211e8a558b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Ашәыррыԥхра: Лыхны ақыҭан ахәырмарҩа шыҟарҵо
Ахәырмарҩа аҟаҵара аџьабаа ду шацугьы, ахашәала бзиа змоу хырхарҭоуп ақыҭауаа рзы.
Лыхны ақыҭан инхо Шьаҟрылаа ргәараҭараҿы акыр шықәса ҵуеит ахәырмаҵлақәа рбаҳча иҭагылоижьҭеи, аха ахәырмарҩа ҟарҵоижьҭеи 25 шықәса роуп иҵуа.
Аҽаҩра бзиа ианаамҭоу Сафарбеи Шьаҟрыли, иԥшәмаԥҳәыс Мимоза Ҳаразиеи, рыхшареи ҩ-тоннак рҟынӡа ахәырма анырҭаауагьы ыҟоуп. Ахәырма рыцқьаны ианыҟоу 70% рҟынӡа акьыла иагхоит, аха ус акәзаргьы, аҭиразы еиҳа ифеидоуп.
Ахәырмарҩа рыԥхрак 300-350 мааҭ иаԥсоуп. Аџьармыкьаҿы иара рацәоуп, аԥсшьаҩцәагьы азҿлымҳауп.
Шьаҟрылаа рҭаацәара рыҩны аҩбатәи аихагыла абарҵа ахәырмарҩа арыԥхрақәа рыла иҭәуп, уаҟа аԥша бзианы иалышәшәоит, ақәа ақәымшәо ихшьуп.

Лыхны акыҭан ирацәоуп ахәырмаҵалқәа зашҭа иҭагылоу аҭаацәарақәа.

Аԥсны ахәырма аҟалара иаамҭаны ишьоуп жьҭаарамза.

Шьаҟрылаа рҭаацәара 25 шықәса ҵуеит ахәырмарҩа ҟарҵоижьҭеи.

Аҽаҩра бзиа аамҭаан дара ҵлак аҟынтәи 100-150 кьыла ҿырхуеит.

Авитаминқәа рыла ахәырма егьырҭ ашәырқәа ираԥнагоит.

Sputnik Аԥсны абильд-редактор Леон Адлеиба иусура анеилашуаз аамҭазы "иҿи-инапи еилахеит".

Сафарбеи Шьаҟрыл ииҟәшәаз ахәырма.

Аԥсны изызҳауа ахәырма хкқәа иреиуоуп "бычье сердце".

Сафарбеи Шьаҟрыл иҭаацәара ҩ-тоннак рҟынӡа ахәырма анырҭаауагьы ыҟоуп.

Сафарбеи Шьаҟрыли, иԥшәмаԥҳәыс Мимоза Ҳаразиеи, рыԥҳа Сырмеи ахәырма ииашаны ишрыцқьатәу ҳдырбоит.

Мимоза Ҳаразиа ҽнакала ҩышә кьыла рҟынӡа ахәырма лрыцқьар лылшоит.

Арҩаразы ианаало иҟалацәамкәа иҟоу ахәырма ауп.

Sputnik акорреспондент Бадри Есиава ахәырма рыцқьараҟны ихы ԥишәеит.

Иалырԥшааз ахәырма ацәа ахыхны ахәҵәқәа еидҿарҳәалоит.

Ахәырма аҩара ҩымз иадхалоит.

Ахәырма рыцқьаны ианыҟоу 70% рҟынӡа акьыла иагхоит, аха ус акәзаргьы аҭиразы еиҳа ифеидоуп.