Аԥсны

Ареспубликатә хәшәтәырҭаҟны аусура иалагеит аинтенсивтә терапиа апалата

Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Ареспубликатә хәшәтәырҭа акардиологиа аҟәшаҟны аусура иалагеит аинтенсивтә терапиа апалата ҳәа аанацҳауеит агәабзиарахьчара аимнистрра апресс-маҵзура.
Апалатаз иаахәоуп аелектрокардиографқәа ҩба, адефибриллиатор, ашьақәыӷәӷәара амонитор, аелектрокардиаграмма аманиторқәа ҩба. Иара убасгьы аҟәша ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп.
"Иазгәаҭатәуп аҳәынҭқарра уаанӡа ишыҟамлацыз ала амедицина аԥаразоужьра шанаҭо. Ас иҟан аковид аамҭақәа раангьы. Уажәы Ареспубликатә хәшәтәырҭеиԥш егьырҭ ахәшәтәырҭақәагьы реиҿкааразы аԥаразоужьра рацәа мҩаԥнагоит", - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.