Аԥсны

Бжьаниа Апатриарх Кирилл иира амш идиныҳәалеит

Москватәии Урыстәылазегьтәии Апатриарх Кирилл диит абҵара 20 1946 шықәсазы Ленинград аԥшьаҩы иҭаацәараҟны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы рыхьӡала иирамш идиныҳәалеит Москватәии Урыстәылазегьтәии Ицқьаӡоу Апатриарх Кирилл.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны Апатриарх Кирилл ҳаҭыр ду зқәу, ақьырсиан иашахаҵаратә дин аҟны даԥхьагылаҩны дшырԥхьаӡо.

"Акыр шықәса раахыс, Шәара ауахәама аҭааҩцәа анцәахамҵара иацәышәахьчоит, шәрылабжьоит агәыразреи, абзиабареи, ачҳареи амҩа ылырхырц", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Аслан Бжьаниа Апатриарх Кирилл изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, шықәсы рацәа Анцәа имч ала Иԥшьоу Аиашахаҵаратә Уахәама амаҵ азура.
Москватәии Урыстәылазегьтәии Апатриарх Кирилл диит абҵара 20 1946 шықәсазы Ленинград аԥшьаҩы иҭаацәараҟны.