АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik. Ареспубликатә хәшәтәырҭа автономтә фымцеиқәыршәара ала еиқәшәоуп ҳәа агәабзиарахьчара аминистр изеиҭеиҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада и.н. Ерик Ҳаҭхәа.
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада и.н. Ерик Ҳаҭхәа иажәақәа рыла ахәшәтәырҭа иамоуп адизельтә фымцарҿиагақәа хԥа – ҩба стационартәуп, урҭ рымчхарақәа 530 киловатти 380 киловатти иҟоуп, аҽакы – мобилтәуп, амчхара 80 киловатт инаӡоит.
Ахархәагақәа ртехникатә ҭагылазаашьа бзиоуп, аӡынтәи аамҭазы ихиоуп ҳәа иҳәеит Ҳаҭхәа.