АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik. Аԥсны урыстәылаа еиҳа иалыркаауа ашықәсҿыцазтәи ахырхарҭақәа хәба ирыҵанакуеит ҳәа азгәарҭеит Амилаҭтә туроператор Алеан апресс-маҵзураҿы.
Абҵарамза аихшамҭанӡа иҟаҵаз заанаҵтәи аҭыԥқәа раанкылара рышьаҭала иалыркаауа акурортқәа реишьҭагылашьа абасеиԥш иҟоуп:
Краснодартәи атәылаҿацә - 35%,
Кавказтәи Аминералтә ӡқәа - 11%,
Подмосковие - 7%,
Белоруссиа - 7%,
Аԥсны - 6%.
Абҵарамза агәазы иаанкылоуп 50 процент аныҳәатә турқәа ииасыз ашықәс абри аамҭа аасҭа еиҳаны.
Ареспубликаҿы аныҳәатә ԥсшьара амҩаԥгара зҭаху рхыԥхьаӡара хынтә еиҳауп ииасыз ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны. Аекспертцәа ишырҳәо ала, ашықәс зегьы еиԥҟьарада аус зуа асасааирҭақәа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҳахеит. Арҭ асасааирҭақәа аԥсшьаҩцәа афатә-ажәтәгьы рыдыргалоит.
Еихьӡарала аҭирақәа ирылагеит нанҳәамзаахыс. Уажәы Аԥсныҟа ашықәсҿыцазтәи атур ахәԥса 15-20 процент еиҵоуп Шәача аасҭа.