Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны иҟоу ИА русура ҳәаақәызҵо аусԥҟа аԥсахрақәа алеигалеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу аҳәаанырцәтәи Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура ҳәаақәызҵо аусԥҟа аԥсахрақәа алеигалеит.
Аԥсны иҟоу аҳәаанырцәтәи иеиҳабыратәыми жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа уажәшьҭа ируалуп:
рпрограммақәеи рпроектқәеи рынагӡара иадрыԥхьало, Аԥсны аҵакыраҿы ашәҟәы иҭагало икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыхьӡ арбара;
иарбан уснагӡатәзаалак аԥаразоужьра амҽхак, рпрограммақәеи рпроектқәеи рынагӡара иадрыԥхьало, Аԥсны аҵакыраҿы ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыхьӡ арбара;
ИА рпроектқәа рынагӡара Аԥсны аҵакыраҿы ашәҟәы иҭагалоу иеиҳабыратәым аиҿкаара адԥхьалара рҭахызыр, Аԥсны АдәАР ахь инарышьҭроуп икоммерциатәым аиҿкаара ашәҟәҭагалареи ашәахтә ҭаҩреи шаҭоу азы аинформациа, иара убасгьы аганқәа ззеиқәышаҳаҭу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгашьази аԥаразоужьрази аинформациа;
имҩаԥыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа рҽырыԥсахыр, ма Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аҽа еиҿкаарак русура иадрыԥхьалозар Аԥсны АдәАР ахь инарышьҭроуп аԥсахрақәа злагалоу апроекттә документациа;
Аԥсны АдәАР ахь апрограмма (апроект) анагӡаразы ес-ԥшьбара аҳасабырбақәа рынашьҭра – ииасыз аԥшьбара иацааиуа амза 10 иахмыжькәа.
Аусԥҟа амчра анаиу инаркны (20.11.2023ш) Аԥсны аҵакыраҿы зпрограммақәа назыгӡо иеиҳабыратәымии жәларбжьаратәии аиҿкаарақәеи русура АдәАР ақәшаҳаҭзароуп, иара убасгьы ишьақәыргылоу аԥҟарала ареспубликаҿы иҭаҩу аиҿкаарақәа аусура радԥхьалара ахәҭала апрограмма аԥсахрақәагьы АдәАР ақәшаҳаҭзароуп.