Аԥсны

Гәдоуҭа ауадарацәа змоу аҩны блит

Амцакра шыҟалаз азы адырра ҟалеит аҩаша, абҵара 21 асааҭ 15:32 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа Оҭырба имҩаду аҟны ауадарацәа змоу аҩны блит.
Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны аус руеит Аԥсны АҶА амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Аӡәгьы машәыр имыхьӡеит.
Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ аҟны ианнеи аамҭазы аҩны актәи аихагылаҿы ҩ-уадак амца ахыҵәахьан. Амцабз ахыби аҩбатәи аихагыла ауадақәеи рахьгьы инеит.
Аҩны аҟны ахатәы уадақәа ԥшьба ыҟан. Абылра иақәшәаз иажәақәа рыла, аҩны аҩнуҵҟала ӷәӷәала иблит, анхацәа рмазара зегьы амца иалаблит.