Аԥсны

Урыстәылатәи ахәыҷтәы ҳақьым-ԥсихиатр Аԥсны араионқәа рҿы абжьгарақәа мҩаԥылгоит

Апроект мҩаԥнагоит агәыҳалалратә фонд "Ашана", Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адгыларала.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Урыстәылатәи ахәыҷтәы ҳақьым-ԥсихиатр Аԥсны араионқәа рҿы абжьгарақәа мҩаԥылгоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Акциа далахәхоит ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы аԥсихиатр, Растовтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аԥсихиатриеи анаркологиеи ркафедра аусзуҩ Оксана Мельникова.
"Иҟоуп аҭаацәа зыхшара аԥсихиатр дырҭахуп ҳәа згәы иаанамго. Ари ахырхарҭала аус улатәуп, аха иахьазы акыр игәыгәҭажьуп", - ҳәа иҳәеит аиԥылараан аминистр Едуард Быҭәба.
Мельникова иазгәалҭеит, ахәыҷқәа реиԥш Аԥсны аԥсихиатриатә маҵзура зегьы ацхраара шлылшо.
Адкылара хәыдаԥсадоуп, имаӡоуп. Апроект мҩаԥнагоит агәыҳалалратә фонд "Ашана", Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адгыларала.