Аԥсны

Аԥснытәи акурортқәа рҿы заанаҵы аҭыԥқәа рынкылара иалагеит

Амшын еиқәа иаԥну акурортқәа рахь атурқәа заанаҵы раанкылара аартуп 2024 шықәса хәажәкырамза нҵәаанӡа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥснытәи акурортқәа рҿы заанаҵы аҭыԥқәа рынкылара иалагеит ҳәа аанацҳауеит АТОР.

Амшын еиқәа иаԥну акурортқәа рахь атурқәа заанаҵы раанкылара аартуп 2024 шықәса хәажәкырамза нҵәаанӡа, аха уаанӡа ихыркәшахар алшоит активла аинтерес ахьаадырԥшуа азы.

2024 шықәса аԥхынразы еиҳа азҿлымҳара рымоуп Краснодартәи атәылаҿацә, Аԥсны, Ҟрым, Кавказтәи аминералтә ӡқәа, аӡиастә круизқәа.
Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсни ртуроператорцәак ҵыԥх аасҭа 60% еиҳаны атурқәа рҭихьеит. Бжьаратәла атур 9-10 мшы иҟоуп.
АЛЕАН адыррақәа рыла, абҵарамза раԥхьатәи ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсни рахь иҭиуп ҵыԥх аасҭа ҩынтә еиҳаны атурқәа.
Атуроператорцәа ишырҳәо ала, Аԥснытәи асасааирҭақәа ртарифқәа 30% ирыцырҵеит. Бжьаратәла атур 9-10 мшы иҟоуп.
Аԥсны
Аԥсны урыстәылаа еиҳа иалыркаауа ашықәсҿыцазтәи ахырхарҭақәа хәба рыбжьара иҟоуп