Аԥсны

"Бзана" 2024 шықәсазы ашьапылампыл азы Иреиҳаӡоу алига иалахәхоит

Кәтолтәи акоманда 1995 - 2003 шықәсқәа рзы Аԥсны ачемпионат иалахәын, Иреиҳаӡоу алига иазыхынҳәит 20 шықәса рышьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Кәтолтәи акоманда "Бзана" 2024 шықәсазы ашьапылампыл азы Иреиҳаӡоу алига иалахәхоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа.
"Ахҭыс "Бзана" азы адагьы аԥсуа шьапылампылхәмарра зегьы азгьы акраҵанакуеит. Аԥснытәи амилаҭтә шьапылампылтә Лига анаԥырҵа ашьҭахь Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа иаӡбеит амилаҭтә шьапылампылтә Лига аҟны иаиааиуа Иреиҳау алига аҵыхәтәантәи аҭыԥ нызкылаз акоманда иацыхәмарырц – Иреиҳаӡоу алига алахәхаразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уаанӡа Кәтолтәи "Бзана" Аԥсны Иреиҳау ашьапылампылтә лигахь аиасразы раԥхьатәи ахәмарраҟны галтәи "Самырзаҟан" аҟны аиааира агеит 6:2 ҳәа. Абҵара 22 рзы имҩаԥысраны иҟаз аицыхәмарра аԥыхын, убас ала "Самырзаҟан" атехникатә аҵахара аиуит, 0:3 ҳәа.
Аԥсны
Кәтолтәи "Бзана" Иреиҳау ашьапылампылтә лигахь аиасразы раԥхьатәи ахәмарраҟны иаиааит