Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәтолтәи "Бзана" Иреиҳау ашьапылампылтә лигахь аиасразы раԥхьатәи ахәмарраҟны иаиааит

© Sputnik / Леон Адлейба Футбол
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2023
Анапаҵаҩра
Кәтолтәи "Бзанеи" галтәи "Самырзаҟани" реиԥылара мҩаԥысит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны.
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кәтолтәи "Бзана" Аԥсны Иреиҳау ашьапылампылтә лигахь аиасразы раԥхьатәи ахәмарраҟны галтәи "Самырзаҟан" аҟны аиааира агеит 6:2 ҳәа.
Уажәааигәа ихыркәшаз ашьапылампыл аза Аԥсны ачемпионат аҟны "Самырзаҟан" аҵыхәтәантәи аҭыԥ ааннакылеит 4 кәаталак аманы, "Бзана" акәзар актәи аҭыԥ агеит Амилаҭтә шьапылампылтә лигаҟны. Убри ала арҭ аҩ-командак реицыхәмаррала еилкаахоит ҳаԥхьаҟа Иреиҳау алигаҟны ихәмаруеи, Амилаҭтә шьапылампылтә лигаҟны иқәгылои.
"Ииашаны аиааира ҳақәгәыӷуан, аха иҳамаз алшарақәа иҵегь ҳхы иаҳархәар сҭахын, уи азы алшара бзиақәа ҳаман. "Самырзаҟан" акәзар, урҭ рылшарақәа уиаҟара ирзаамырԥшит ари ахәмарраҟны. Заанаҵы аҳәара уадаҩуп аҩбатәи ҳаиԥылара иалҵшәахо, избан акәзар, ҳшьапылампыласцәа рыбжьара иҟоуп ааха змақәоу", - иҳәеит "Бзана" ихәмаруа азыҟаҵаҩ Александр Коӷониа.
"Самырзаҟан" актәи ахәмарраҟны рҽалыркааит Гьаргь Зариа, Бачо Дарсаниа, "Бзана" аҟынтәи ампыл амба иҭадыршәит– Дадын Чачхалиа, Асхаҭ Аршба, Гарри Чепниан, Батал Чегиа, Алмасхан Акаба, Бачо Дарсаниа 88 аминуҭ азы ихала рымба амбал ицәҭашәеит.
Иреиҳау ашьапылампылтә лигахь аиасразы анаҩстәи ахәмарра мҩаԥгахоит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны абҵара 22 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0