Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа Ҟрым аҳауатә ҵакыраҿы украинатәи адронқәа хԥа карыжьит

Урыстәыла иаԥну арегионқәа, Ҟрым назлоу рҿы атеррористтә шәарҭара "аҩежь" ҩаӡара шьақәыргылоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә шьақәгылақәа Ҟрымтәи адгьылбжьаха аҳауатә ҵакыраҿы украинатәи адронқәа хԥа карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Атеррористтә жәылара аԥырҟәҟәаан абҵара 24 асааҭ 07:30 рзы.
Украина жәабран 22 рзы арратә операциа ҷыда ианалага инаркны УАМ еснагь аҽазышәара ҟанаҵоит Москва налаҵаны урыстәылатәи аҵакырақәа робиектқәа адронқәа рыла рыжәларазы. Урыстәыла иаԥну арегионқәа, Курсктәи аобласт, Ҟрым рҿы атеррористтә шәарҭара "аҩежь" ҩаӡара шьақәыргылоуп.