Аԥсны

Едуард Быҭәба Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа ахәшәтәырҭақәа аӡынра ишазыхиоу гәеиҭеит

Аԥсны аенергетика аинфраструктура ахәарҽхара ахьҭақәа шааҟалалак алашара арцәарахь икылнагоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа – Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа рҟны ахәшәтәырҭақәа аӡынра ишазыхиоу гәеиҭеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Амедусҳәарҭақәа ргәаҭараан ишьақәырӷәӷәан адизельтә генераторқәа аусура ишазырхиоу. Уи адагьы аҳақьым хадацәа афымцалашара еиԥҟьарада аҟазаара ахылаԥшра арҭоит, иашьклаԥшуеит амшцәгьақәа раан автопарк азыҟаҵашьа, ашьҭаҵарҭақәа рҿы ахәшәқәа рыҟазаара.
Уаанӡа аминистр Ареспубликатә хәшәтәырҭа даҭааны ибахьан.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: Ареспубликатә хәшәтәырҭа ахатә фымцамчеиқәыршәарала ихиоуп