Аԥсны

Ԥшь-нызқь тонна инареиҳаны амандарина Аԥсны иалыргахьеит асезон иалагазар

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра азгәаҭақәа рыла сынтәа ацитрусқәа рҽаҩра 30 000 тонна иҟалароуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ацитрусқәа рсезон иалагазар, атәыла иалыргахьеит 4,67 нызқь тонна амандарина ҳәа иҳәеит Ауаажәларратә палата аилатәараҿы Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.
"Ииасыз ашықәс ари аамҭазы аҳәаа иахыргахьан 3,1 нызқь тонна, уи аԥхьа – 3,5 нызқь тонна. Сынтәа 1,5 нызқь тонна рыла еиҳауп. Аиҳарак амандарина заа иҟало ахкоуп макьаназ ирҭиуа, егьырҭ ахкқәа уажәоуп рҿыхра ианалаго. Бжьаратәла аҽаҩра 30 нызқь тонна инаӡароуп", - иҳәеит иара.
Аилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит ацитрусқәа рҽаҩра 95% инеиҳаны аекспорт ахь ишынашьҭхо, иара иҳәеит асезон аламҭалаз есышықәса урыстәылатәи рколлегацәеи дареи шеилацәажәо, амандарина ааӡаҩцәа ишырԥылало.
"Ацитрусқәа аазрыхуа рыпроблемақәеи рҭахрақәеи ҳарзыӡырҩуеит. Урҭ иқәдыргыло азҵаарақәа ҳколлегацәеи ҳареи ҳаиԥылараҿы ицәыраагоит. Зҵаарақәак рҿы ҳаилибакаауеит, аҽа зҵаарақәак ҳарнахоит. Ааигәа имҩаԥгаз аилацәажәараҿы ҳабжьгарала 30-ҩык рҟынӡа агәаҭаратә еилазаараҟынтә ААҬ "Адлер" ахь инашьҭын, иаартын ахышә-цҵақәа", - иҳәеит Хьециа.
Иара убасгьы иаҭахны иҟалар, ацитрусқәа мҩанызго амашьына дуқәа рзы ацәаҳәа-цҵақәа аадыртуеит, аха макьаназы усеиԥш аҭахра ыҟам иҳәеит ахантәаҩы.
Аԥсны
Ақыҭанхамҩа аминистрра ацитрустә дгьылқәа ркатегориа аиҭамкразы ажәалагала ҟанаҵоит