Аԥсны

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Аԥсуа драматә театр аҿы аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаԥысит ауснагӡатә, арҿиаратә интеллигенциа, аиҳабыра, ауаажәларра алахәны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵра азгәарҭеит абҵара 24 рзы.
Аԥсуа драматә театр аҿы аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаԥысит ауснагӡатә, арҿиаратә интеллигенциа, аиҳабыра, ауаажәларра алахәны.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵра амшныҳәазы Аҟәаҟа иааит Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахаҭарнакцәеи Урыстәыла арегионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи ашәҟәыҩҩцәеи.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу арҿиаратә интеллигенциа аиубилеимш рыдиныҳәалеит.
"Аԥсуа сахьаркыратә литература қәра дук шамамгьы, ҳажәлар азқьышықәсақәа ирылганы иааргоз жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, абаҟа дуқәа аԥырҵахьан. Дырмит Гәлиа аԥсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз, иқәыԥшра ашықәсқәа раан, Константин Маҷавариани дицырхыраан аԥсуа алфавит аԥҵара илиршеит. Ишыжәдыруа, 1912 шықәсазы иҭыҵит раԥхьатәи ажәеинраалақәа реизга "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи" захьӡыз Дырмит Гәлиа ишәҟәы. Уи ала ауасхыр азышьҭаҵан асахьаркыратә литература", - ҳәа иҳәеит Аԥҳазоу.
Иара иажәақәа рыла, хара имгакәа дцәырҵит ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Самсон Ҷанба. 1932 шықәсазы, иара инапхгарала еиҿкаан Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵаразы аиҿкааратә еилакы. 1933 шықәса Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иаира мшуп.
Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит Аидгыла знысыз амҩа шымариамыз, арҿиара знапы алакыз еснагь ажәлар рыгәҭа ишгылаз, ауаажәларратәии аполитикатәи хҭысқәа ишрылахәыз.
Атеатр афоие аҿы иаартын ацәыргақәҵа. Уа еизган ашәҟәқәеи афотосахьақәеи – Аидгыла аусура аазырԥшуаз. Раԥхьаӡа акәны иӡырган Аидгыла аиубилеи иазкыз альбом.
1 / 7

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵит

2 / 7

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵит

3 / 7

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵит

4 / 7

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵит

5 / 7

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵит

6 / 7

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵит

7 / 7

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵит

Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла адипломқәа ранаршьеит ААУ аԥсуа литература акафедра, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи, Баграт Шьынқәба имемориалтә ҩны-музеи, аԥсуа бызшәа аларҵәара зџьабаа аду аԥсуа школқәа рырҵаҩцәа.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аԥҵан 1933 шықәсазы. Аԥхьа иара иахьӡын Аԥсны Асовет шәҟәыҩҩцәа реидгыла ҳәа. Аиҿкаара иалахәын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа зегьы, аԥсышәала, урысшәала, қырҭшәала, ерманы бызшәала, бырзен бызшәала иҩуаз. Раԥхьатәи ахантәаҩыс дыҟан Самсон Ҷанба, анаҩс – Леуарса Кәыҵниа, Дырмит Гәлиа, Иван Ҭарба, Баграт Шьынқәба, Мушьни Лашәриа уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылацәа аиҿкаара аиубилеи рыдиныҳәалеит