Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылацәа аиҿкаара аиубилеи рыдиныҳәалеит

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аԥҵан 1933 шықәсазы. Аԥхьа иара иахьӡын Аԥсны Асовет шәҟәыҩҩцәа реидгыла ҳәа.
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылацәа риубилеи рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, 1933 шықәсазы иаԥҵаз, ареспубликаҿы реиҳа ақәра змоу рҿиаратә еиҿкаароуп. Иара активла ирылахәуп атәыла акультуратә, аполитикатә ԥсҭазаара, аҿар реиҵааӡараҿ алшамҭақәа дууп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Ахада иазгәеиҭеит алитература алахьынҵеи аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи, ахатәы бызшәеи, амилаҭтә культуреи, рлахьынҵеи узеиҟәымыҭхо ишеидҳәалоу, урҭ руак ыӡыр, егьырҭгьы шыӡуа.
"Иугәаламшәарц залшом Аԥсны раԥхьатәи ахада В. Г. Арӡынба иажәақәа: "Аԥсуа бызшәа, аԥсуа литература ҟамлар, урҭ аԥеиԥш рмоур – аԥсуа ҳәынҭқаррагьы ԥеиԥшдахоит", - ҳәа", - азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Алитература раԥхьатәи ашьаҿақәа анеихнагоз ашәҟәыҩҩцәа маҷын, имаҷын арҿиаратә интеллигенциа, аха агәыларатә ҳәынҭқаррақәа рԥышәа рхы иархәо рҽазыршәеит рхатәы еиҿкаара аԥҵара. Ашәҟәыҩҩцәа иаку реиҿкаара еиднакылон амилаҭ литература азҵаарақәа зыӡбашаз арҿиарауаа, ақәыԥшцәа ацхыраара рнаҭон.
"Сталин ихаантәи арепрессиақәа рыхганы, зыԥсы ҭаны еиқәхаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи абџьар кны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз ашәҟәыҩҩцәеи ргәы камыжькәа, уаҵәтәи амш иақәгәыӷуа амилаҭ литература аҿымрцәаараз ирылшо зегь ҟарҵон. Иуҳәар ҟалоит Аԥсны 1920–1950-шықәсқәа рызтәи алитературатә процесс мариамызт ҳәа. Хыԥхьаӡарала имаҷыз аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи рҳәааҿы ихықәгылан. Абри аҭагылазаашьа уадаҩ аан алитературагьы, ажәлар зегь реиԥш, ахы еиқәнархар акәын", - ҳәа азгәеиҭоит Бжьаниа.
Атәыла ахада агәыӷра ааирԥшит еиҵагылаз апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи ирылшап ҳәа амилаҭтә литературатә процесс аизырҳара.
Ажәабжьқәа зегьы
0