Аԥсны

Галтәи 2-тәи ашкол аҟны иаартхоит аспорттә шҭаҳәыԥш ҿыц

Галтәи 2-тәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит 670-ҩык ахәыҷқәа. Дара еихшоуп 70 класс рыла.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Аспорттә шҭаҳәыԥш ҿыц аартхоит Галтәи 2-тәи ашкол аҟны ҳәа аанацҳауеит "ГалМедиа".

Ашкол адиректор Ахра Кәакәасқьыр ишиҳәо ала, аҵаратә усҳәарҭаҿы аус ауеит аспорттә зал ду, аха иара еснагь иҭәуп, ашколтә уснагӡатәқәа рнаҩсгьы ахархәара ахьамоу азын.

"Ҳашкол аҿы аҵара рҵоит 670-680-ҩык аҵаҩцәа. Иҟоуп 70 класс. Ҳашкол аҿы аус ауеит аспорттә зал ду, аха ара аицлабра, атурнирқәа уҳәа аспорт иазку егьырҭ ауснагӡатәқәагьы мҩаԥыргоит еиуеиԥшым аспорт хкқәа рганахьала", - ҳәа иҳәоит иара.
Кәакәасқьыр иҳәеит аспорттә шҭаҳәыԥш аартразы Аминистрцәа реилазаареи Апарламенти рахь ашәҟәқәа шынаишьҭыз.
Аспорттә ргылара иазоурыжьит ф-миллион мааҭк. Аусурақәа ирылагеит цәыббрамзазы. Аҭыԥ дрыцқьахьеит, ажәытә хыбрақәа ықәыргеит, адгьыл ықәырцәааит, уажәы абетон ақәырҭәара иаҿуп.
Ахра Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, аԥхьаҟа ашколхәыҷқәа реиԥш араион ауааԥсырагьы рхы иадырхәо иалагоит ари ашҭаҳәыԥш. Амш иалнаршар, иааиуа амзазы аусурақәа хыркәшахоит. Раԥхьатәи ашьапылампыл маҷ ахәмарра мҩаԥгахоит арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара.