Аԥсны

Алирикеи аиумори хеибарҭәаауа: аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа рҷыдарақәа

Абзиабаратә ашәақәа аԥсуа жәлар рпоезиаҿы ишаарԥшу атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Аԥсуа жәлар ртрадициатә культура, рҵасқәа, рқьабзқәа акы иаламҩашьо иҟоуп, ирымоуп рхатәы ҷыдарақәа. Урҭ рестетикатә дунеи ицәырнагоит асахьаркыратә гьама ҷыдакгьы. Уи бзианы иаҳбоит аԥсуа жәлар рыбзиабартә ашәақәа рҿгьы, дара егьырҭ абзазаратә ашәақәа инрылукаауа иҟоуп ашьақәгылашьала, аарԥшышьала.
Иџьашьатәымзар ҟалап абзиабаратә ашәақәа аԥсуа жәлар рпоезиаҿы имаҷны иахьцәыргоу. Дара ажәлар иаԥырҵаз ашәақәа рҿынгьы уи иаартны иаадырԥшуам, иҷыдоу ацәаҩа ахоуп. Арԥызбеи аԥҳәызбеи хыхь-хыхьлоуп акәымзар, рыгәҭыха иаахтыҵәҟьаны ирҳәом: иҵәылибахуеит, еибахыччоит, аха нас еизааибагоит. Аԥсуа жәлар рашәақәа жанрла еихшаны ирылацәажәаз аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа иҭҵаарадырратә усумҭақәа руак аҿы иазгәеиҭоит абас еиԥш:
"Аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа, шамахамзар, асиужет рыцәтәымуп, урҭ рҵакы хдыртлоит арԥызбеи аԥҳәызбеи рыбжьара имҩаԥысуа адиалогқәа. … Аԥсуа жәлар рашәақәа рҟны алирикатә лагамҭа ыҟоуп, аха убри алирикатә лагамҭа аиумортә (асатиратәгьы налаҵаны) цәаҳәақәа ихадырҭәаауеит".
Иааҳгап аҿырԥштәқәа аԥсуа жәлар рпоезиа аҟынтәи: "О, Хьыбла, сылашара, сабацари, быда схәарҭам…" ҳәа алирикала арԥызба ашәаҳәара дналагоит аԥҳәызба лахь ихы нарханы. Аха лара лҽаарԥагьан аҭак илҭоит: "Ас иагьаџьара иуҳәахьеит, иагьаҩ рыжәҩа ҭуҟьахьеит…" ҳәа иажәақәа лхахьы иаалгом, азныказы илыдылкылом. Усҟан арԥысгьы иажәа хаақәа днырҟәаҵны, иарӷьшәа аҿааирхоит: "Аԥҳәызба ԥагьа, маҟа ҟьаҟьа…" уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа назлоу. Аԥҳәызбагьы дымшаҭакәа иацылҵоит: "Арԥыс ԥагьа-ԥаҵа кьакьа, уахьзымнаӡо умҵыркьакьан…", мамзаргьы: "ҽабаа хысхыс, кәадыр кьахь…" уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа рыла дхысуеит. Ус ишынеимырда-ааимырдо аҵыхәтәан еинаалоит: "Азныказы ҳаибаршәеит, аха ҳабзиабара аиааира агеит…" ҳәа ихиркәшоит арԥыс ашәа.
Аԥсны
"Ашьац иламгыло ауаҩы": архаикатә ҟазшьа змоу аԥсыуа кәашарақәак рышьаҭа иазкны
Арҭ ажәақәа ирнубаалоит аԥсуа ицәаҩа, иҟазшьа – аџьбарара шиҵоу, аха уи аџьбарарагьы абзиабаратә мцала ишҭаҳәҳәоу убоит. Аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа зегьы ас мацарала ишьақәгылоуп ҳәа узҳәом, имаҷзаргьы, иҟоуп арԥызбеи аԥҳәызбеи ргәы шеизцаз аазырԥшуагьы. Иаҳҳәап, аӡӷаб бзиа илбаз иааигәа аҟазаара шылҭаху аалырԥшуеит абри аҩыза асахьаркыратә маругала: "Бырса кабаны суҵандаз, ххьа хҭырԥаны сукәыршәындаз!.." ҳәа. Арԥыс иакәзар, игәаҳәара асахьа ҭихуеит абас еиԥш: "Сбырфын чабран быкәа сҭандаз, скьамар маҟаны сбымӷандаз! Сышәҭы касны сбыкәыршандаз! Сыхьтәы мацәазны сбымӷандаз!.." уҳәа реиԥш иҟоу аметафорақәа рыла.
Абас аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа иалкаау асахьаркыратә гьама ҳаракыла ишьақәгылоуп.
Аԥсны
"Ахәра ахьаа ахаҵа иԥышәагоуп…": агәыӷра иасимволу "Ахәра ашәа"