https://sputnik-abkhazia.info/20231125/alirikei-aiumori-kheibaraaua-asua-zhlar-rybziabarat-ashaa-rydaraa-1049192848.html
Алирикеи аиумори хеибарҭәаауа: аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа рҷыдарақәа
Алирикеи аиумори хеибарҭәаауа: аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа рҷыдарақәа
Sputnik Аҧсны
Абзиабаратә ашәақәа аԥсуа жәлар рпоезиаҿы ишаарԥшу атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа. 25.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-25T14:30+0300
2023-11-25T14:30+0300
2023-11-25T14:30+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/16/1044791875_0:106:1391:888_1920x0_80_0_0_f2f39dd936ae613e8bc247c78573e052.jpg
Аԥсуа жәлар ртрадициатә культура, рҵасқәа, рқьабзқәа акы иаламҩашьо иҟоуп, ирымоуп рхатәы ҷыдарақәа. Урҭ рестетикатә дунеи ицәырнагоит асахьаркыратә гьама ҷыдакгьы. Уи бзианы иаҳбоит аԥсуа жәлар рыбзиабартә ашәақәа рҿгьы, дара егьырҭ абзазаратә ашәақәа инрылукаауа иҟоуп ашьақәгылашьала, аарԥшышьала.Иџьашьатәымзар ҟалап абзиабаратә ашәақәа аԥсуа жәлар рпоезиаҿы имаҷны иахьцәыргоу. Дара ажәлар иаԥырҵаз ашәақәа рҿынгьы уи иаартны иаадырԥшуам, иҷыдоу ацәаҩа ахоуп. Арԥызбеи аԥҳәызбеи хыхь-хыхьлоуп акәымзар, рыгәҭыха иаахтыҵәҟьаны ирҳәом: иҵәылибахуеит, еибахыччоит, аха нас еизааибагоит. Аԥсуа жәлар рашәақәа жанрла еихшаны ирылацәажәаз аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа иҭҵаарадырратә усумҭақәа руак аҿы иазгәеиҭоит абас еиԥш:Иааҳгап аҿырԥштәқәа аԥсуа жәлар рпоезиа аҟынтәи: "О, Хьыбла, сылашара, сабацари, быда схәарҭам…" ҳәа алирикала арԥызба ашәаҳәара дналагоит аԥҳәызба лахь ихы нарханы. Аха лара лҽаарԥагьан аҭак илҭоит: "Ас иагьаџьара иуҳәахьеит, иагьаҩ рыжәҩа ҭуҟьахьеит…" ҳәа иажәақәа лхахьы иаалгом, азныказы илыдылкылом. Усҟан арԥысгьы иажәа хаақәа днырҟәаҵны, иарӷьшәа аҿааирхоит: "Аԥҳәызба ԥагьа, маҟа ҟьаҟьа…" уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа назлоу. Аԥҳәызбагьы дымшаҭакәа иацылҵоит: "Арԥыс ԥагьа-ԥаҵа кьакьа, уахьзымнаӡо умҵыркьакьан…", мамзаргьы: "ҽабаа хысхыс, кәадыр кьахь…" уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа рыла дхысуеит. Ус ишынеимырда-ааимырдо аҵыхәтәан еинаалоит: "Азныказы ҳаибаршәеит, аха ҳабзиабара аиааира агеит…" ҳәа ихиркәшоит арԥыс ашәа.Арҭ ажәақәа ирнубаалоит аԥсуа ицәаҩа, иҟазшьа – аџьбарара шиҵоу, аха уи аџьбарарагьы абзиабаратә мцала ишҭаҳәҳәоу убоит. Аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа зегьы ас мацарала ишьақәгылоуп ҳәа узҳәом, имаҷзаргьы, иҟоуп арԥызбеи аԥҳәызбеи ргәы шеизцаз аазырԥшуагьы. Иаҳҳәап, аӡӷаб бзиа илбаз иааигәа аҟазаара шылҭаху аалырԥшуеит абри аҩыза асахьаркыратә маругала: "Бырса кабаны суҵандаз, ххьа хҭырԥаны сукәыршәындаз!.." ҳәа. Арԥыс иакәзар, игәаҳәара асахьа ҭихуеит абас еиԥш: "Сбырфын чабран быкәа сҭандаз, скьамар маҟаны сбымӷандаз! Сышәҭы касны сбыкәыршандаз! Сыхьтәы мацәазны сбымӷандаз!.." уҳәа реиԥш иҟоу аметафорақәа рыла.Абас аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа иалкаау асахьаркыратә гьама ҳаракыла ишьақәгылоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20230528/ashats-ilamgylo-auay-arkhaikat-azsha-zmou-asyua-kasharaak-ryshaa-iazkny--1046039418.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230924/akhra-akhaa-akhaa-iyshagoup-agyra-iasimvolu-akhra-asha-1048171950.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/16/1044791875_33:0:1358:994_1920x0_80_0_0_d7c568a6741d23763fbf01c986222287.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
Алирикеи аиумори хеибарҭәаауа: аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа рҷыдарақәа
Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Абзиабаратә ашәақәа аԥсуа жәлар рпоезиаҿы ишаарԥшу атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуа жәлар ртрадициатә культура, рҵасқәа, рқьабзқәа акы иаламҩашьо иҟоуп, ирымоуп рхатәы ҷыдарақәа. Урҭ рестетикатә дунеи ицәырнагоит асахьаркыратә гьама ҷыдакгьы. Уи бзианы иаҳбоит аԥсуа жәлар рыбзиабартә ашәақәа рҿгьы, дара егьырҭ абзазаратә ашәақәа инрылукаауа иҟоуп ашьақәгылашьала, аарԥшышьала.
Иџьашьатәымзар ҟалап абзиабаратә ашәақәа аԥсуа жәлар рпоезиаҿы имаҷны иахьцәыргоу. Дара ажәлар иаԥырҵаз ашәақәа рҿынгьы уи иаартны иаадырԥшуам, иҷыдоу ацәаҩа ахоуп. Арԥызбеи аԥҳәызбеи хыхь-хыхьлоуп акәымзар, рыгәҭыха иаахтыҵәҟьаны ирҳәом: иҵәылибахуеит, еибахыччоит, аха нас еизааибагоит. Аԥсуа жәлар рашәақәа жанрла еихшаны ирылацәажәаз аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа иҭҵаарадырратә усумҭақәа руак аҿы иазгәеиҭоит абас еиԥш:
"Аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа, шамахамзар, асиужет рыцәтәымуп, урҭ рҵакы хдыртлоит арԥызбеи аԥҳәызбеи рыбжьара имҩаԥысуа адиалогқәа. … Аԥсуа жәлар рашәақәа рҟны алирикатә лагамҭа ыҟоуп, аха убри алирикатә лагамҭа аиумортә (асатиратәгьы налаҵаны) цәаҳәақәа ихадырҭәаауеит".
Иааҳгап аҿырԥштәқәа аԥсуа жәлар рпоезиа аҟынтәи: "О, Хьыбла, сылашара, сабацари, быда схәарҭам…" ҳәа алирикала арԥызба ашәаҳәара дналагоит аԥҳәызба лахь ихы нарханы. Аха лара лҽаарԥагьан аҭак илҭоит: "Ас иагьаџьара иуҳәахьеит, иагьаҩ рыжәҩа ҭуҟьахьеит…" ҳәа иажәақәа лхахьы иаалгом, азныказы илыдылкылом. Усҟан арԥысгьы иажәа хаақәа днырҟәаҵны, иарӷьшәа аҿааирхоит: "Аԥҳәызба ԥагьа, маҟа ҟьаҟьа…" уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа назлоу. Аԥҳәызбагьы дымшаҭакәа иацылҵоит: "Арԥыс ԥагьа-ԥаҵа кьакьа, уахьзымнаӡо умҵыркьакьан…", мамзаргьы: "ҽабаа хысхыс, кәадыр кьахь…" уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа рыла дхысуеит. Ус ишынеимырда-ааимырдо аҵыхәтәан еинаалоит: "Азныказы ҳаибаршәеит, аха ҳабзиабара аиааира агеит…" ҳәа ихиркәшоит арԥыс ашәа.
Арҭ ажәақәа ирнубаалоит аԥсуа ицәаҩа, иҟазшьа – аџьбарара шиҵоу, аха уи аџьбарарагьы абзиабаратә мцала ишҭаҳәҳәоу убоит. Аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа зегьы ас мацарала ишьақәгылоуп ҳәа узҳәом, имаҷзаргьы, иҟоуп арԥызбеи аԥҳәызбеи ргәы шеизцаз аазырԥшуагьы. Иаҳҳәап, аӡӷаб бзиа илбаз иааигәа аҟазаара шылҭаху аалырԥшуеит абри аҩыза асахьаркыратә маругала: "Бырса кабаны суҵандаз, ххьа хҭырԥаны сукәыршәындаз!.." ҳәа. Арԥыс иакәзар, игәаҳәара асахьа ҭихуеит абас еиԥш: "Сбырфын чабран быкәа сҭандаз, скьамар маҟаны сбымӷандаз! Сышәҭы касны сбыкәыршандаз! Сыхьтәы мацәазны сбымӷандаз!.." уҳәа реиԥш иҟоу аметафорақәа рыла.
Абас аԥсуа жәлар рыбзиабаратә ашәақәа иалкаау асахьаркыратә гьама ҳаракыла ишьақәгылоуп.