Аԥсны

Дырмит Гәлиа ииубилеии агазеҭ "Аԥсны" аҭыҵреи аныҳәа азгәаҭаразы иаԥҵоуп аҳәынҭкомиссиа

Акомиссиа напхгара аиҭоит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵреи азгәаҭараз иаԥҵоуп аҳәынҭқарратә комиссиа.
Адҵа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Акомиссиа напхгара аиҭоит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
2024 шықәса ажьырныҳәа 25-нӡа еиқәыршәатәуп аиубилеи азгәаҭараз аусмҩаԥгатәқәа руснагӡа.
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист, иара убас аԥсуа алфавити анбаншәҟәи равтор Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы.
Раԥхьатәи аԥсуа газет "Аԥсны" ҭыҵит жәабран 27, 1919 шықәсазы. Апериодикатә кьыԥхь аҭыҵра амш, Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа ирымшны иԥхьаӡоуп.