Аԥсны

Очамчыра араион абиуџьет 80 миллион мааҭ рҟынӡа ҭамлаӡеит

2022-2023 шықәса ҭагалан-аӡынтә ԥсыӡкраан Аԥсны аӡқәа рҿы иркит 6,5 нызқь тонна акамшьиа, 35 нызқь тонна ҳәа аквота шазоужьызгьы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Акамшьиа акра аамҭахҵәаха ишазыԥшыз еиԥш иахьзалмыршахаз иахҟьаны Очамчыра араион абиуџьет 80 миллион мааҭ ҭамлаӡеит ҳәа иҳәеит араион ахада Беслан Бигәаа.
Иазгәеиҭеит, 2023 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа иарбаз ауснагӡа 186,2 миллион мааҭ рцынхәрас араион абиуџьет иаиуз 71,3 миллион мааҭ шракәу.
"Сынтәа абиуџьет ахьысҳара зыхҟьаз акамшьиа акра ахьзалмыршахаз ауп, 80 миллион мааҭ уи иахҟьаны иаҳцәыӡит", - иҳәеит иара.
Бигәаа иҳәеит егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы аҭагылазаашьа шеиӷьу. Иазгәеиҭеит Очамчыра ақалақь аиҿкаара ишаҿу, ишаахәоу акоммуналтә маҵзурақәа рзы атехника ҷыда, аӡыршьҭрақәа шрыцқьоу, ақыҭамҩақәеи ацҳақәеи реиҭашьақәыргылара ишаҿу, аспорттә шҭаҳәыԥшқәа шдыргыло.