АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Ермантәыла Қырҭтәыла акзаара иадгылоит ҳәа иҳәеит ермантәылатәи аԥыза-министр Никол Пашиниан, абри атәы акьыԥхьит Sputnik Ермантәыла.
"Ҳара ахҳәаа аҭахымкәа ҳадгылоит ихьыԥшым, идемократиатәу Қырҭтәыла адгьылҵакырақәа ракзааразы", - ҳәа аҭак ҟаиҵеит Пашиниан "импыҵахалоу адгьылҵакырақәа" Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара иазхиоума Ереван ҳәа иҭаз азҵаара аҭакс.
Пашиниан иазгәеиҭеит, 2019 шықәсанӡа арҭ адгьылҵакырақәа зҵазкуа рызҵаараз Еиду амилаҭқәа реилазаараҿы Ермантәыла абжьыҭара, иахьатәи аԥыза-министр идгылаҩцәеи иареи амчраҿ ианнеи ари арыцхә ашьҭахьи аиԥшымзаара ааԥшит ҳәа.
2008 шықәса раахыс Қырҭтәыла ЕАР аҟны иқәнаргылоит "Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәа рҭагылазаашьаз" арезолиуциа.
2019 шықәсанӡа Ермантәыла уи абжьыҭара иаҿагылан, анаҩс - аҽааннакылон ҳәа азгәанаҭоит аҭыжьымҭа.