Аԥсны

Пицунда амшын хыҵын, аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәа еиланажьит, аҵлақәа канажьит

Амшын еиқәа аҿықәан ацәқәырԥара ду, амшцәгьа ҟалеит абҵара 26-27 рухазы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда аԥшаҳәаҿы абҵарамза 26-27 руха иҟалаз амшынеисра ӷәӷәа иахҟьаны аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәа еилаҳаит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥҵәеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Пицунда Ақалақьтә нхамҩа аиҳабы Иури Ҭарба.
"Ақалақь аҩнуҵҟа ԥхасҭа дук ыҟам, аха аԥша џьара-џьара аҵлақәа канажьит, урҭ афымцацәаҳәақәа ԥырҵәеит, иаха асааҭ 22:00-23:00 рзеиԥш. Иказаҳ аҵлақәа ықәгоуп, амҩақәа аартуп. Алашара уажәы-уажәы идырцәоит, аха иааидкыланы, аҭагылазаашьа цәгьам", - иҳәеит иара.
Ҭарба ишиҳәаз ала, амшын иаҳа-иаҳа аҽарцәгьоит, Акипарисмҩа иахьаҵанакуа аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәа акыр еиланажьит, аԥсаатәфабрика азааигәара ауаа аӡы рыҵалеит. "Пицунда акрурорт" ахәҭак аԥслымӡ ықәнаԥсеит.
"Макьаназы ауааԥсыра рҟынтәи дыррак ҳмлуцт аԥхасҭазыҳәа. Анцәа иџьшьаны, ааха зауз ма иҭахаз ҳәа аӡәгьы дыҟам", - иҳәеит Ҭарба.
Амшын еиқәа аҿықәан ацәқәырԥара ду, амшцәгьа ҟалеит абҵара 26-27 рухазы. Еиҳарак ааха роупит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи, амшцәгьа Аԥснынӡагьы иааит.
Аԥсны
Гагреи Аҟәеи аҩнқәа аӡы рыҵалеит амшын аҭра иахьҭыҵыз иахҟьаны