Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагреи Аҟәеи аҩнқәа аӡы рыҵалеит амшын аҭра иахьҭыҵыз иахҟьаны

© SputnikЗатопленная Гагра. Вид с верху
Затопленная Гагра. Вид с верху - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2023
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа аҿықәан ацәқәырԥара ду, амшцәгьа ҟалеит абҵара 26-27 рухазы. Еиҳарак ааха роупит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи, амшцәгьа Аԥснынӡагьы иааит.
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амшын аҭра иахьҭыҵыз иахҟьаны Гагра ахатәыҩнқәеи атуристтә обиектқәа реиҳараки аӡы рыҵалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
"Уажәы аиқәырхаҩцәа ахыбрақәа актәи реихагылақәа рҟынтәи аӡы ҭыртоит, аха амшын аҽеиқәнакуам, аӡы хыҵны амҩа ианылеит", - иҳәеит иара.
Ҵышәба иажәақәа рыла, макьана заауп ари аӡхыҵра Гагра анхацәа ирынаҭаз аԥхасҭа атәы аҳәара.
Аԥсны АҶА аҿы адырра шыҟарҵаз ала, ацәқәырԥақәа Гагра аӡыҭгагақәеи атрансформатортә станциақәеи ирыҵалеит. Гәыԥҩык ауаа аӡы ахьхыҵыз аҭыԥқәа рҟынтәи иахыргеит.
Аиқәырхаҩцәеи акоммуналтә усзуҩцәеи Аҟәа Алашарбага аҳаблаҿгьы аус руеит. Уа аҩнқәа ҩба рҿы актәи аихагылақәа аӡы рыҵалеит, урҭ рахьтә акы аҿы уаҩ дынхом ҳәа иаҳзеиҭеиҳәеит Аҟәа анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба. Ҩыџьа аӡы ахьхыҵыз аҭыԥ аҟынтәи ирыцхрааны иахыгоуп.
Уажәы АҶА аусзуҩцәеи акоммуналтә усзуҩцәеи ирылшо зегь ҟарҵоит аӡы аҩнқәа рахь имнеирц азы. Аусурақәа аруадаҩуеит зымчхара быжь-баллк иҟоу амшынеисра.
Ажәабжьқәа зегьы
0