Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч": Гагра афымцалашара шьақәыргылоуп

Аԥсны Амшын еиқәа агаҿа абҵара 26-27 руха иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз аилацәажәара мҩаԥигеит аԥыза-министр Александр Анқәаб Аҟәеи Гагра араиони рхадацәеи, Аԥсны АҶА, "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи алархәны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Гагра афымцалашара шьақәыргылоуп аҩнеихагылақәа ҩба рыҟны ада ҳәа аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Гагра араион аенергосистема аиҳабы Аслан Аиба.
Быжьбалк иҟаз амшын ацәқәырԥара Гагра аԥшаҳәаҿы игылаз аинфраструктуреи ахатәыҩнқәеи ааха ӷәӷәа рнаҭеит, аӡы рыҵалеит афымцеихшарҭатә станциа еиҵақәа, ишьақәҟьеит ақалақь ӡылеи фымцалеи еиқәзыршәоз асистема, иара убас Пицундеи Алаҳаӡи.
Иҟалаз аиԥҟьарақәа рышьақәыргылараз аҭагылазаашьа ҳәаақәырҵоит "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара рхаҭарнакцәа Ҭенгьиз Гырџьынбеи Рамин Зингишвилии.
Гагра иԥсахтәхоит аӡхагалагатә агрегатқәа.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ишиҳәаз ала, "Алашарбага" аҳаблан иҟоуп ҩнқәак аӡы зҵалаз.
Аԥсны
Гагра иҟаз аԥшасра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз аусурақәа 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра алахәуп
Александр Анқәаб амшын ацәқәарԥара иахҟьаны иҟалаз аԥхасҭа аԥырҟәҟәаразы аусқәа знапы рылаку аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи аҭыԥантәи аиҳабыреи рнапы ианиҵеит, иҩаԥырго аусурақәа ртәы изеиҭарҳәаларц.