Аԥсны

Еилкаахеит "Apsny Star" асезон хада афиналистцәа

Апроект "Apsny Star" аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыкатә академиаҿы хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә проект "Apsny Star" ахԥатәи асезон афиналбжа мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, абҵара 28 рзы.
Ақәгыларақәа реихшьаалақәа рыла апроект аанрыжьит арҵаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Кристина Кәыбрааԥҳаи, Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Рената Хаџьиевеи.
Апроект афинал ахь инеит Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Иракли Џьумутиеи, Мархолиаԥҳаи, Лола Колбаиаԥҳаи, Самвел Миракиани.
Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи апроект иацырҵоит Софиа Миаукина, Викториа Лабиаԥҳа, Сариа Аииԥҳа, Аслан Шьакаиа.
"Apsny Star" асуперсезон хыркәшахоит ԥхынҷкәын 22 рзы. Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Апроект аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.