АҞӘА, абҵара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра иҟаз аԥшасра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз аусурақәа цоит, уи 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра алахәуп ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
"Ашәахьа, асааҭ 19:00 шыҟаз амшынеисра аҽеиқәнакуа иалагеит, аха ацәқәырԥақәа шдуыц идууын. Ақалақь аҿы арыцқьарақәа ҳарҿуп. Аусурақәа ирыдԥхьалоуп 200-ҩык рҟынӡа ауаа. Ақалақь ахәҭак ӡыда иҟоуп. Аӡыҭгагақәа рырԥшшара ҳаҿуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҵышәба иажәақәа арыла, Гагра амшцәгьа иахҟьаны ааха зауз афымцалашара хәҭа-хәҭала ашьақәыргылара иаҿуп. Аӷәраҵа аӡы зыҩналаз ауадарацәа змоу аҩнқәа ҿы, лашарада иҟоуп.
"Аӷәраҵақәа дырбахьеит. Сгәы иаанагоит ахәылбыҽхаразы алашара ҟалоит ҳәа. Жәаба рҟынӡа ҩнеихагылақәа аӡы рыҵалеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.
Гагра иаиуз аԥхасҭақәа амҽхак шьақәыргылатәуп ҳәа иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ. Ҵышәба иажәақәа арыла, аиҳарак аԥхасҭа ахьыҟаз амшын иаԥну аҭыԥқәа рҿоуп.