Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Азовтәи амшын ажәҩанҵакыраҿ ҩ-ракетак карыжьит

Иара убасгьы, уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи Аҳаир хыхьчаратә шьақәгылақәа украинатәи адронқәа 21 карыжьит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Урыстәыла Аҳаир хыхьчаратә шьақәгылақәа Азовтәи амшын ажәҩанҵакыраҿы украинатәи аракетақәа ҩба С-200 карыжьит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.

"Азовтәи амшын аладатәи ахәҭа ажәҩанҵакыраҿы Урыстәыла Аҳаир хыхьчаратә шьақәгылақәа адгьылхыхьтә цәҟьарақәа рықәцҟьаара иазырхаз украинатәи ҩ-ракетак С-200 карыжьит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит: УАМ ахәбатәи ажәыларатә бригада анапхгараҭарҭа, 107 раион рҿы аруааи арратә техникеи.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы Мраҭашәаратәи ар ргәыԥ иаԥдырҟәҟәааит ажәыларақәа хԥа, иҭадырхеит 30-ҩык асолдаҭцәеи, акәылӡмашьынақәа ҩбеи, апикапқәа ҩба, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
50 инареиҳаны украинатәи адронқәа уахыки-ҽнаки рыла икажьын
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы ар ргәыԥ "Центр" иаԥдырҟәҟәааит УАМ амеханизациа зызуу 63-тәи абригада ажәылара, ааха ӷәӷәа арҭеит 81-тәи аеромобилтә бригада Белогоровка араион аҿы. Киев иацәыӡит 280-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, х-автомашьынак. Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 110-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы –110-ҩык асолдаҭцәа, х-автомашьынак, агаубица "Мста-Б".
Запорожиетәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан амеханизациа зызуу УАМ 33-т́әи абригада ажәылара, иҭархан 30-ҩык украинатәи аибашьцәа, ҩ-автомашьынак, Херсонтәи ахырхарҭаҿы –35-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-автомашьынак, артиллериатә шьақәгылақәа "Акация", "Гвоздика".