Аԥсны

Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхеит акабель аԥхасҭахара иахҟьаны

Алашара дырцәеит ақалақь амҩа хадақәа рҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Абҵара 30 рзы Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхеит акабель аԥхасҭахара иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
"Аҟәатәи афымцеихшарҭа адыррала "РП-6" аҟынтә инеиуаз адгьыл иҵоу акабель аԥхасҭа аиуит. Лашарада иаанхеит Аҟәа араион хадақәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҟәатәи афымцеихшарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Блабба Sputnik иазеиҭеиҳәеит алашара шыҟам Лакобеи Аршбеи рымҩақәа рыҟны. Уажәы аҟазауаа акабель аԥхасҭа ахьаиуз аԥшаара иаҿуп.