АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа "Пиатнашка" аҟынтәи Донбасс иҭахаз аибашьцәа Шамил Дасаниеи Марзаҟан Ачбеи аҵыхәтәантәи рымҩахь анаскьагаратә усмҩаԥгатә даҭааит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Иара убасгьы, уи рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Атәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Ашәба, аиҳабыра алахәылацәа, араионқәа рхадацәа, аибашьра аветеранцәа, араион ауааԥсыра.
Донбасс ахақәиҭтәраз иҭахаз Шамил Дасаниеи Марзаҟан Ачбеи рыԥсыбаҩқәа Аԥсныҟа иааргеит аҩаша, абҵара 28 рзы. Аибашьцәа анышә иамардеит Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭаҿи Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭаҿи.