Аԥсны

Аԥснытәи абитуриентцәа Белоруссиа аиқәырхаҩцәа разыҟаҵаратә Центр аҿы аҵараҵара рылшоит

Абри аганахьала аицәажәара мҩаԥысхьан Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа Аԥснытәи аделегациа далахәны Белоруссиа иҟазаараан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥснытәи абитуриентцәа Белоруссиа аиқәырхаҩцәа разыҟаҵаратә Центр (IRTcentre) аҿы аҵараҵара рылшо иҟалоит ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Абри азы аофициалтә дырра ҟаҵан белоруссиатәи ацентр аҟынтә.
Аԥхьаҟатәи аиқәырхаҩцәа ахысраны иҟоуп:
азԥхьагәаҭараз аҳәынҭқарратә система аусура аиҿкаареи аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥырҟәҟәаареи, аграждантә хыхьчареи;
ахимиатәии арадиоактивтәии маҭәашьарқәа зыхҟьо аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхра;
ахыбрақәеи аргыларақәеи рымцамкра;
аграждантә авиациа ахыбрақәеи аҳаирпланқәеи рыҟны (ИКАО астандартқәа инарықәыршәаны) амашәыр-аиқәырхаратәии амцаҿагыларатәи операциақәеи рымҩаԥгара.