Аԥсны

Гагра аӡыржәтә шьақәыргылоуп

Абҵара 26-27 руха Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуаз ӷәӷәала иҟаз амшынцәқәырԥара Гагра аӡеизакырҭақәа аԥслымӡи аӡи рхыҵәеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра аӡыржәтә шьақәыргылоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагра аӡыршьҭра аиҳабы Фома Агрба.
"Сааҭбжак аԥхьа ақалақь зегьы аӡы роуит. Аӡхагалага ҳаԥсахит, амотор рԥшшаны аусура иалаҳаргеит. Иара убасгьы, ааха змаз афымца кабельқәа ҩба ԥсахуп. Уажәы аҩбатәи амотор арԥшшара иаҿуп, уи анбалак аԥсахгак аҳасаб ала иҳамазаауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Абҵара 26-27 руха Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуаз амшынцәқәырԥара ӷәӷәа ҟалеит. Аиҳарак аԥхасҭа роуит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи. Амшцәгьа Аԥсны ахәҭакгьы аҵанакит, еиҳарак ааха аиуит Гагра араион. Аӡы зҵалаз аӡыҭгагастанциақәа раанкылара иахҟьаны ауааԥсыра ӡыда иҟан абҵара 26 раахыс.
Аԥсны
Алаҳаӡы ақыҭан ишьақәдыргылеит ацәқәырԥақәа зԥырхагахаз аҩнқәеи аобиектқәеи рхыԥхьаӡара