Аԥсны

Гал ахәҭак сааҭқәак ӡыда иаанхоит

Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы Гал лассы-лассы аӡы ааныркыло иалагеит аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ахьԥжәо иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik. Гал аладатәи ахәҭа сааҭқәак аӡы ҟалаӡом аԥшьаша, абҵара 30 рзы, абри атәы аанцҳауеит "ГалМедиа" араион ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩахгагеи рмаҵзура аиҳабы Кахабер Изориа шьаҭас дганы.
Аӡы аанкылара ахҟьоит аӡымҩангага аԥжәара, уи аԥсахра сааҭқәак иадхалоит.
Уаанӡа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба иҳәахьан иажәхьоу аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ирыхьҟьаны, аҵыхәантәи ҩымз раахыс ақалақь аҟны лассы-ласс аӡы шааныркылоз.
Жьҭаарамзазы аӡымҩангагатә цәаҳәа хадаҟны аиҭашьақәыргыларатә ус дуқәа мҩаԥган, аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ахьырԥсахыз рацәоуп.