АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik. Очамчыра араион ахәҭак афымцалашарада иаанхоит ахәаша, ԥхынҷкәын акы азы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Уаанӡа ирҳәахьан, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы астанциа еиҵа "Очамчыра ахага" иахьа асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа идырцәоит ҳәа.
Аха амшцәгьақәа ирыхҟьаны аусурақәа уаҵәахьы ииагоуп ари аамҭа ала.