Аԥсны

Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа: Аҟәа жәлар рҟазара Ацентр аконцерт шымҩаԥысыз

Аконцерт иалахәын 2023 шықәса аҩнуҵҟа Ацентр имҩаԥнагаз аицлабрақәа рлауреатцәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны жәлар рҟазара Ареспубликатә центр аихшьаалатә концерт мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҟны абҵара 30 рзы.
Аконцерт иалахәын 2023 шықәса аҩнуҵҟа Ацентр имҩаԥнагаз аицлабрақәа рлауреатцәа.
Иссиру ахореографиатә номерқәа рыхәаԥшразы, аԥсуа ашәақәеи егьырҭ абызшәақәа рыла авокалтә композициақәеи рзыӡырыҩразы Аҳәынҭфилармониахь инеит ауаарацәа.
1 / 4

"Аҟыбаҩ злоу еҵәаџьаа" Агала-концерт

2 / 4

"Аҟыбаҩ злоу еҵәаџьаа" Агала-концерт

3 / 4

"Аҟыбаҩ злоу еҵәаџьаа" Агала-концерт

4 / 4

"Аҟыбаҩ злоу еҵәаџьаа" Агала-концерт

Рықәгыларақәа рыла еизаз дыргәырӷьон авокал-инструменталтә ансамбль "Агәыӷра", ансамбльқәа "Аԥхьарца", "Ахьышьҭра", "Кәыдры", Уарада" уҳәа аколлективқәа рацәаны. Уи адагьы афилармониа асценахь ицәырҵит жәлар рыкәашарақәеи ҳаамҭазтәи акәашарақәеи назыгӡо ахәыҷ-қәыԥштә хореографиатә ансамбльқәа.
Ахәаԥшцәа гыланы рнапы рзеинырҟьон афольклор-вокалтә коллективқәа, жәлар ринструментқәа роркестр, автор-бардтә ашәақәа рынагӡаҩ, аԥсуа естрадахь раԥхьатәи зшьаҿақәа ҟазҵои апрофессионалтә вокалистцәеи.
Аԥсны
Еилкаахеит "Apsny Star" асезон хада афиналистцәа