АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik. Мчыбжьык аҩныҵҟа Аԥсны амаининг хархәагақәа шәкы инареиҳаны ауааԥсыра ирылыргеит ҳәа аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
Очамчыреи Очамчыра араиони рҿы:
Лакоба имҩаҿы Хасик Ҳаразиа иитәу 22 хархәага,
Ешба имҩаҿы Витали Аҭәмаа иитәу 7 хархәагак,
Ладариа имҩаҿы Гунар Лацужба иитәу 6 хархәагак,
Денис Какоба иитәу 6 хархәагак,
Очамчыра араион Маркәыла ақыҭаҿы Ҳаџьараҭ Џьопуа иитәу 5 хархәагак,
Очамчыра араион Кәтол ақыҭаҿы Лаша Блабба иитәу 3 хархәагак,
Гәылрыԥшь араион аҿы:
Дранда, Ес-оглы имҩаҿы Авҭондил Гоԥиа иитәу 9 хархәагак.
Гагра араион аҿы:
Пицунда, Агрба имҩаҿы Алмасхан Хупориа иитәу 10 хархәагак,
Гагра Гагрыԥшьтәи аиҩхааҿы Арсен Овелиан иитәу 36 хархәага.
Амаининг хархәагақәа зегьы аамҭалатәи аҵәахырҭақәа рахь инагоуп. Изтәу административтә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп.