Аԥсны

Лашарада иҟоу Аҟәа ахәҭак сааҭбжак иалагӡаны фымцала еиқәыршәахоит

Аҟәа ахәҭак- Кьалашәыр ацҳа инаркны аплиаж "Мокко" аҟынӡа лашарада иаанхеит ԥхынҷкәын 1 ауха.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Лашарада иҟоу Аҟәа ахәҭак сааҭбжак иалагӡаны фымцала еиқәыршәахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭаҟны.
Арҽеиратә гәыԥ ашьыжь асааҭ 7 инаркны зусура еиԥҟьаз афымцацәаҳәа аиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Ахәашаҽны, ԥхынқәын 1 азы афымцацәаҳәа аиԥҟьара иахҟьаны Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхеит- Кьалашәыр ацҳа инаркны аплиаж "Мокко" аҟынӡа.