Еицырдыруа аҵарауаа - академик, афольклорҭҵааҩ, алитератураҭҵааҩ Шоҭа Салаҟаиеи абызшәаҭҵааҩы Валентина Конџьариеи иижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Абызшәеи афольклори акультурарацәатә дунеи аҿы" иалахәыз аҵарауаҩ қәыԥш, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Мадонна Ԥлиаԥҳа лажәахә "Амацәаз аҵакы аԥсуа нашанатә лакә асиужетқәа рҿы" зызкыз, амацәаз анаҩс аԥсуа лакәқәа рҟны иаарԥшу амаҭәарқәа арбан, иара убас зыӡбахә ҳәоу аконференциеи иааидкыланы аҭҵаарадырреи ҵакыс ирымоу лара далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Шәахәаԥш арадио Sputnik астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.