АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. 1992 шықәса ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу ахеилак ишьақәнаргылеит аибашьратә ҳамҭақәа - "Аԥсны Афырхаҵа", "Агәымшәараз" амедалқәеи Леон иордени.
Ареспублика аҳамҭақәа рсистема аԥҵан Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭазыҵәҟьа. Раԥхьатәи аибашьратә ҳамҭақәа - "Аԥсны Афырхаҵа", "Агәымшәараз" амедалқәеи Леон иордени рескизқәа еиқәиршәеит асахьаҭыхҩы, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ автор Валери Гамгьиа.
"Аԥсны Афырхаҵа" раԥхьатәи амедалқәа роуит аибашьра аветеранцәа 25-ҩык, урҭ рҟынтәи 15-ҩык ианҭаха ашьҭахь. Арҭ раԥхьатәиқәа дреиуоуп аҵарауаҩ Мушьни Хәарцкьиа.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан аибашьра ашьҭахь шықәсык ааҵуаны. Аусԥҟа инапы аҵеиҩит ахада ихаҭыԥуаҩ Валерий Аршба (1995 – 2005шш.).
2000-тәи ашықәсқәа рыламҭаланӡа аҳамҭа ҿыцқәа алагаламызт. 2002 шықәса ажьырныҳәа 10 рзы ишьаҭаркын х-ҩаӡарак змоу "Ахьӡ-Аԥша" аорден. Аорден актәи аҩаӡара - Аԥсны иреиҳау орденуп.
Аорден, Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рзы акомиссиа адгаларала Аԥсны ахада иусԥҟала иранаршьоит. Аҳамҭақәа Аԥсны атәылауаа реиԥш аҳәаанырцәуаагьы иранаршьар алшоит.
Амедал "Аԥсны Афырхаҵа" ранаршьоит афырхаҵаратә умҭақәа ирыдҳәалоу, ареспублика аҿаԥхьа ахаҭалатә лшамҭақәеи аколлективтә лшамҭақәеи рзы. Аԥсны Афырхаҵа иҭахоит аԥсышәала "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа аҩыра зну амедал.
Леон иорден ранаршьоит зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчараан иаарԥшу иҷыдоу агәымшәареи афырхаҵареи рзы.
"Агәымшәараз" амедал ранаршьоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аӷацәа рабашьраан иаарԥшу хаҭалатәи агәымшәареи ахаҵареи раан: аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараан; аррамаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан.
Арҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа иреиҳау ҳәа ишьоуп: "Аԥсны Афырхаҵа" амедал, аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит – аҳәынҭқарратә ҳамҭа Ахьӡ-Аԥша" аорден, анаҩс —Леон иордени Ахаҵараз аордени. Ахаҵараз аорден аԥҵан 2007 шықәсазы арратә уалԥшьа анагӡараан иаарԥшу агәымшәареи ахамегӡареи рзы. Анаҩстәи аҳамҭа –"Агәымшәараз" амедал.