Аԥсны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша Гагра аусура аамҭеихша акьыԥхьит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа гагратәи аконсултә ҟәша ыҟоуп Гагра араионтә милициа аҟәша ахыбраҟны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша иакьыԥхьит ԥхынҷкәын 7-8 рзы гагратәи аҟәша аусура аамҭеихша.
Ԥхынҷкәын 7, асааҭ 12:00 инаркны 17:00 - нӡа, ԥхынҷкәын 8 асааҭ 10:00 инаркны 16:45 -нӡа хәышықәсатәи урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аиуразы ашәҟәқәа рыдыркылоит, иара убас имазеиу атәылауаҩшәҟәқәа рырҭоит.
Иазгәаҭоуп, ирмазеиу адокументқәа аиуразы ишхымԥадатәиу азыҳәа ааныжьра абри аелектронтә почта rusembsukhum@mail.ru аҟны, мамзаргьы Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аҭел +7-840-226-03-91.
Атәылауаҩшәҟәы аиураан ишәыцзароуп шәхаҭара шьақәзаргыло урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы мамзаргьы Аԥсны атәылауаҩшәҟәы.