АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ԥхынҷкәын 7 рзы аремонттә усурақәа ирхырҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Аҟәатәи аӡыршьҭра".
Аусурақәа мҩаԥыргоит:
Лакобеи Воронови рымҩақәа рҿы;
Коӷониеи Вороновеи рымҩақәа рҿы;
Чачба, 88;
Сахарови Арӡынбеи рымҩақәа рҿы;
Гәлиеи Сахарови рымҩақәа рҿы;
Аӡыҭгагатә станциа №4 аҿы (ақ. Гәымсҭа);
Гәымсҭа аиланхарҭа.
Аӡоужьра аанкылахоит асааҭ 00:00 - 18:00 рзы: Араион ҿыц, Гәымсҭа аиланхарҭа, Ешба имҩа, Ажәытә ҳабла, авокзал, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, ВИЕМ, аџьармыкьа, Алашарбага аҳабла рҿы.