Аԥсны

Аԥсны АҩА рминистр идҵала ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рымҩаԥгараан ашәарҭадара рӷәӷәахоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Аԥсны АҩА рминистр Роберт Кьиут идҵала ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рымҩаԥгараан ашәарҭадара рӷәӷәахоит.
Азинхьчаратә усбарҭа ахада инапынҵала, амилициа аусзуҩцәа ареспублика амҩақәа рҟны ареидқәа мҩаԥыргоит.
Ахәашаҽны, ԥхынҷкәын 8 рзы ареидқәа мҩаԥган Гәдоуҭа араион аҟны. Уи алҵшәақәа рыла 55 административтә ԥкаанҵа шьақәыргылан. Арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы зкыз хәҩык амашьынарныҟәцаҩцәа атранспорт аныҟәцаразы азин рымхәуп фымз, 30 нызқьмааҭ ахараԥса рықәҵоуп.
Кьиут иҟаиҵаз адҵала, амилициа аусзуҩцәа рус дырӷәӷәароуп закәаншьаҭада абџьар аҵәахреи, зыԥшаара рылаҳәоу ахаҿқәа раанкылареи, анаркотикқәа алазырҵәо раанкылареи рхырхарҭақәа рыла.