Аԥсны

Аԥсны жәеиза мзы рыҩнуҵҟа 75 нызқь административтә зинеилагарақәа ашәҟәы иҭагалоуп

2023 шықәса 11 мзы рыҩнуҵҟа ашәҟәы иҭагалоуп амҩатә машәырқәа 170, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 52-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны жәеиза мзы рыҩнуҵҟа 74 890 административтә зинеилагарақәа ашәҟәы иҭагалоуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны АҩА рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
Иазгәаҭоу азинеилагарақәа рҟынтәи 4430 арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы зкыз рганахьала еиқәыршәан. Амашьына аныҟәцаразы азин рымхын 2250-ҩык.
Ҷкадуа иазгәеиҭеит, амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра андырӷәӷәа, лаҵара 15 2023 шықәса инаркны арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы зкыз амашьынарныҟәцаҩцәа 1430-ҩык аанкылан. Амашьына аныҟәцаразы фымз ҳәа азин рымхны 30 нызқьмааҭ ахараԥса дыршәан 1268-ҩык. 15 мшы ҳәа иҭакын 87-ҩык.
АҩА рминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, 2023 шықәса 11 мзы рыҩнуҵҟа ашәҟәы иҭагалоуп амҩатә машәырқәа 170, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 52-ҩык. Ахәрақәа роуит 237-ҩык. Иарбоу аамҭахҵәа 2022 шықәса иаҿырԥшны - 201 амҩатә машәыр, иҭахеит 62-ҩык, ахәрақәа роуит-281-ы.