АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи анапхгареи арҿиаратә еихьӡарақәа, агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, ашәҭыкакаҷра шәзеиӷьасшьоит. АИХ-қәа рыҿиаразы иҟашәҵо шәлагала акыршықәса еицакра ақәымзааит", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" анапхгареи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.
"Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны шәусураҿы иреиҳаӡоу аҩаӡарақәа аашәырԥшит, аԥхьагылара шәымоуп. Шәколлегацәеи шәареи- ииашахаҭаны шәҟазацәоуп, аԥышәа ду змоу журналистцәоуп, шәыԥсадгьыл азы шәгәы былуеит", - иҳәеит Бжьаниа.
Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиднакылоит урысшәала аус зуа аинформациатә ресурсқәа: РИА Новости, арадио Sputnik, ПРАЙМ, ИноСМИ, Baltnews, Украина.ру, Социальный навигатор, КОТ и Arctic.ru. Аҳәаанырцә амедиагәыԥ рдыруеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ала.
Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩ идгалоуп еиҳа аинтерес зҵоу ауаажәларратә гәаанагарақәа, аналитикцәеи аекспертцәеи рыҿцәажәарақәа.