Қәеиза Кәыџԥҳа лҭаацәа Аԥсныҟа нхара ианиасуаз бжьышықәса лхыҵуан. Лаб иабдуцәа Аибӷантәи Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара зықәшәаз иреиуоуп, лан Аԥсны диит, дааӡеит. Қәеиза Урыстәыла МГИМО аҟны жәларбжьаратәи азин аганахьала аҵара лҵеит, анаҩс ҩышықәса лҵара иацылҵеит Франциа, иахьа аус луеит Москва даҽа занааҭк ала.
"Ҭырқәтәыла саныҟаз ахәыҷқәа "са сҭырқәаӡам, саԥсыуоуп" ҳәа анрасҳәоз, дара "мамоу, бара баҭырқәоуп, акгьы быздырӡом, аԥсуара захьӡи?" рҳәон. Сара урҭ акгьы рыздыруам, аха Аԥсны саннеилак, сшаԥсыуоу рдыруеит ҳәа сгәы иҭысҳәаауан. Аԥсныҟа санаа, сара саԥсыуоуп ҳәа ауаа ианрасҳәоз, "ааи, баԥсыуоуп, аха бҭырқәа-аԥсыуоуп" ҳәа ансарҳәоз, даара сгәы иалсуан, шьҭа ус сыхьуам, еилыскаауеит уи ала ирҳәарц ирҭахыз", - лҳәеит Кәыџԥҳа.
Лара лгәаанагарала, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны инхо аԥсуа ҿар иахьа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра ауадаҩрақәа ацуп. Лара лажәақәа рыла, дшыхәыҷыз лхы иҭаргалон лҭаацәа дшаԥсыуоу, Аԥсны дшынхаша, аха иахьа Ҭырқәтәыла инхо ахәыҷқәа аԥсҭазаара бзиа рымоуп, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны акәзар аԥсҭазаара еиӷьтәтәуп.
"Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз адаптациа иҭахуп. Саныхәыҷыз сышкол аҟны днанагеит Ҭырқәтәылантәи иааз даҽа хәыҷык. Сара аԥсшәа здыруан азы иаҳа сманшәалахеит, аха иара издыруамызт. Ус еиԥш ахәыҷқәа аҩызцәа рырҳара рцәыуадаҩуп", - лҳәеит Кәыџԥҳа.
Убасгьы лара иазгәалҭеит Аԥсны анҭыҵ аҵара зҵаз аҿарацәа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәаразы ауадаҩрақәа шыҟоу рыԥсадгьыл аҟны.
"Ишыҟазаалакгьы, Аԥсны аԥсҭазаара сацныҟәар сҭахуп, уа сыҟазар сҭахуп. Хымԥада, Аԥсны са сыԥсадгьыл ауп, сахьцалакгьы уи сазхәыцуеит", - лҳәеит Кәыџԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.