Аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлақәеи реиҭашьақәыргылара, аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы азакәан, Ауаажәларратә палата аиҿкаашьа, амаининг хархәагакәа рымхра, уҳәа азҵаарақәа жәпакы шьҭыхын Жәлар реизара адепутатцәа реилатәараҟны аԥшьаша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Азакәан апроектқәа рҟны иалагалоу арҽеирақәа ирыԥсахыр рылшо, иахьынӡахымԥадатәиу урҭ рыдкылара арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит "ахьтәы" ҳәа ззырҳәало апарламент ԥасатәи адепутат, Ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиа.