Урыстәыла

Матвиенко амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиубилеи рыдырныҳәалеит

Sputnik
МОСКВА, ԥхынҷкәын 9- РИА Новости. Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдылныҳәалеит.
"Шәара Совинформбиуро, Агентства печати "Новости", "Московское радио", "Голос России" ирымаз атрадициа бзиақәа ирыцышәҵоит. Шәус ажурналистика иамоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны инашәыгӡоит, уи ҳәашьа узаҭом", - ҳәа азгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Матвиенко иазгәалҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" ажурналистцәа аинформациатә цәаҳәаҿы "ииашоу ажәабжьқәа адунеи иазнаргоит" ҳәа.
Урыстәыла
Путин "Россия сегодня" жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
"Жәашықәса ирылагӡаны "Россия сегодня" зхырхарҭа рацәоу амедиахолдингны иҟалеит, ахәаԥшцәеи азыӡырҩцәеи аҽарҭбаауеит ҳтәылаҟны еиԥш аҳәаанырцәгьы, лҳәеит Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы. Аколлектив ирзеиӷьалшьеит "аихьӡара шьахәқәа".
Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиднакылоит урысшәала аус зуа аинформациатә ресурсқәа: РИА Новости, арадио Sputnik, ПРАЙМ, ИноСМИ, Baltnews, Украина.ру, Социальный навигатор, КОТ и Arctic.ru. Аҳәаанырцә амедиагәыԥ рдыруеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ала.
Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩ идгалоуп еиҳа аинтерес зҵоу ауаажәларратә гәаанагарақәа, аналитикцәеи аекспертцәеи рыҿцәажәарақәа.
Урыстәыла
Мишустин амедиагәыԥ "Россия сегодня" жәашықәса ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит